1 Убарҭ амшкуа рзы акесар Август иҟынтә адҵара ҟалеит, Римтәи аҳәынҭқарра ахьынӡанаӡааӡо ажәлар зегьы ашәҟуы ианырҵаразы. 2 Ари ашәҟунҵара аҧхьатәиин Квириниа Шьамтәыла данахылаҧшуаз аамҭаз. 3 Зегьы дасу рықалақьқуа рахь ицон ианырҵаразы. 4 Дцеит иара убас Иосифгьы Галилеиантә, ақалақь Назареҭ аҟынтә, Ауриатәыла, Вифлеем захьӡу Давид дахьиз ақалақь ахь, избан акузар, уи Давид иҩнреи ишьҭреи датәын, 5 ҧҳәысс изҳәаны зцәа зтәымкуан иҟаз Мариа диманы, ашәҟуы даниҵаразы дааит. 6 Урҭ уа ишыҟаз Уи лыхшараура аамҭа ааит. 7 Дагьлыхшеит Уи Аҧхьахшаа Лҧа, амышәкуан дылаҳәаны ачьгхучаҭраҿы дышьҭалҵеит, избан акузар, асасааирҭаҿы урҭ рзы ҭыҧ ҟамлеит. 8 Ихарамкуан асакараҽ ахыньцәа уахынла араху рыхьчон. 9 Ргурҽанӡамкуан Ихдқуиҭыу Иҧааимбар раҧхьа даақугылт, Иҳақуиҭыу илашарагьы рыбла хнакыит. Ашәара ҕуҕуагьы рхалт. 10 «Шәымшәан; абар, ажәлар зегьы ирзыҟалараны иҟоу агурҕьара ду цхаражәҳәара шәзызуеит», — иҳәеит Аҧааимбар. 11 «Избанзар, иахьа Давид иқалақь аҿы дшәызиит Аҿыхҩы. Уи Христос Иҳақуиҭыу иоуп. 12 Абар, шәара шәзы адыргагьы: шәара дыжәбараны шәыҟоуп Аҧшқа амышәкуан дылаҳәаны ачыхучаҭраҿы дышьҭаны». 13 Иаразнак Аҧааимбар иццәырҵит ҵҩа змамыз жәҩантәи аҧсҭыр, Анцәа дыхьӡыртәуа: 14 «Ақаракыра изҳәазааит Хаҳь Иҟоу, аҧсабараҿы иҟазааит аҭынчра, Анцәа бзиа иибо — ауаа рҿы». 15 Амаалықьцәа урҭ ирҧырҵны ажәҩан ахь ианхала, - «хцап Вифлеем, иаабап уа иҟалаз, Иҳакуиҭыу здырра ҳаиҭаз», — ҳәа ахыпьцәа дара-дара еибырҳәеит. 16 Иццакны иаан ирбеит Мариеи Иосифи ачыхучаҭраҿы ишьтаз Аҧшқеи. 17 Урҭ ианырба, Ари Аҧшқа изкны ираҳаз адырра жәабжьны ирарҳәеит. 18 Изаҳауаз зегьы ахыпьцәа ирзеиҭарҳәоз џьаршьон. 19 Мариа арҭ ажәақуа зегьы Лара бзиабарала лгуы иҭалҵәах'уан. 20 Ахыньцәагьы Анцәа дырҳарак'уа, дырҽхуо ихынҳәит, ирбази ираҳази зегьы рзы, избан акузар, зегь ҟалеит Аҧааимбар ишраиҳәахьаз еиҧш.